Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла аизгеи Норвегиеи рматч ала Евро 2024 алхратә етап алагоит - ишиашоу арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы
Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла аизгеи Норвегиеи рматч ала Евро 2024 алхратә етап алагоит - ишиашоу арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы

Иахьа, хәажәкыра 28, “Баҭым Аренаҿ” Қырҭтәылеи Норвегиеи еиԥылоит. Ақырҭуа спортсменцәа рзы ари  аматч ала Евро 2023 алхратә етап алагоит, норвегиаа аҩбатәи аматч мҩаԥыргоит. Аматч асааҭ 20:00 рзы иалагоит. Ахәаԥшцәа ишиашоу арепортаж абара Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы рылшоит.

Агәыԥқәа хынтә еиԥылахьеит – 1996 шықәсазы имҩаԥгаз аиҩызаратә матч аҿы Норвегиа 1:0 ҳәа аиааира агеит, аофициалтә матчқәа Евро 2000 алхратә цикл аҿы мҩаԥган.