«Амилаҭқәа рлига аҳәаақәа ирҭагӡаны Шәмахьтәылаҟны имҩаԥысуа аматч иалахәу ақырҭуа шьапылампыласыҩцәа зегьы еизеит», — аанацҳаит Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга.
Иахьа Қарҭ иаҭааит: Хвича Кварацхелиа («Пари Сен-Жермен», Франциа), Гьаргь Миқаутаӡе («Лион», Франциа), Зурико Давиҭашвили («Сент-Етиен», Франциа), Буду Зивзиваӡе («Хаиденхаим», Германтәыла), Гьаргь Қочорашвили («Леванте, Испаниа»), Гьаргь Ҵитаишвили («Гранада», Испаниа), Гьаргь Гочолеишвили («Копенгаген», Даниа), Отар Қитеишвили («Штурм», Австриа), Шоҭа Ноникашвили («Черкассы», Украина), Ника Квеквескири («Ниурехаза», Венгриа).
Иахьа Қарҭ аизга азыҟаҵара мҩаԥнагоит. Хәажәкыра 20 рзы Ереван, хәажәкыра 23 рзы Қарҭ аматчқәа мҩаԥгахоит.