Асенаторцәа Џьим Риши Џьин Шаҳини – Қырҭтәыла ауааԥсыра ирдыруазароуп, аҭагылазаашьа еицәахар,  ЕАШ ҿымҭ шаанымхо
Асенаторцәа Џьим Риши Џьин Шаҳини – Қырҭтәыла ауааԥсыра ирдыруазароуп, аҭагылазаашьа еицәахар, ЕАШ ҿымҭ шаанымхо

ЕАШ аконгресс адәныҟатәи акомитет ахаҭарнакцәа, асенаторцәа Џьим Риши Џьин Шаҳини Қырҭтәыла иҟоу ахҭысқәа ирызкны аҳәамҭа ҟарҵоит.

Асенаторцәа рҳәамҭаҿы ишану ала, Америка Аконгресс аҿы ақырҭуа жәлар ҩ-партиак рыдгылара рымоуп. Америкатәи аполитикцәа ргәаанагарала,  Қырҭтәыла ауааԥсыра ирдыруазароуп, аҭагылазаашьа еицәахар,  ЕАШ ҿымҭ шаанымхо.

“Ҳгәынамӡара ӷәӷәа ааҳарԥшуеит Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа иазкны. Қырҭтәыла напхгара Евроеидгыла алалара апроцесс аанкылара ашьҭахь иҟарҵаз аҳәамҭа ашьҭахь, ауааԥсыра иаадырԥшыз аҭынч протест, анапхгара рҟынтә амчылара ахылҵит. Ҳара ақырҭуа жәлар ҳрывагылоуп, урҭ ҭынч мҩала апротест аарԥшра зин рымоуп. Америка Аконгресс аҿы ақырҭуа жәлар ҩпартиак, ҩпалатак рыдгылара рымоуп. Аҳәынҭқарратә департамент ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭынч мҩала адемонстрантцәа рҿаԥхьа амч ахархәара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа иазкны ахатә позициа аанарԥшыр. Иахьатәии иашьҭанеиуа анапхгарақәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла ахақәиҭреи адемократиеи рыдгыларц азы. Баиден иадминистрациа ҚырҭтәылеиЕАШ-и ирыбжьоу астратегиатә партниорра аанкыларазы иаднакылаз аӡбара алагамҭа бзиоуп, аха уажәы Америка аҳәынҭқарра иамоу ахархәагақәа зегь рхархәара аамҭа ааит, асанкциақәагьы уахь иналаҵаны, Қырҭтәыла аиҳабыра аднакыло аӡбамҭақәа алҵшәақәа шамазаауа ргәаладыршәарц азы. Қырҭтәыла ауааԥсыра ирдыруазароуп, аҭагылазаашьа еицәахар,  ЕАШ ҿымҭ шаанымхо», – иануп аҳәамҭаҿы.