Асенатор  Линдси Грем иҳәамҭала, Сенат Урыстәыла иҵегьы асанкциақәа азышьақәыргылара иазыхиоуп
Асенатор  Линдси Грем иҳәамҭала, Сенат Урыстәыла иҵегьы асанкциақәа азышьақәыргылара иазыхиоуп

Америкатә сенатор Линдси Грем иҳәамҭала, Сенат Урыстәыла иҵегьы асанкциақәа азышьақәыргылара иазыхиоуп. Асенатор иацы Дональд Трамп иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Трамп ишиҳәаз ала, Урыстәыла иаҿагыланы абанкттә санкциақәа шьақәдыргылар ҟалап.

Линдси Грем асоциалтә аҳа  X аҿы ишиҩыз ала, Сенатаҿ идырмазеиз ҩ-палатактәи азакәанпроек инақәыршәаны, Урыстәылантә анефҭ, агаз, ауран, мамзагьы, даҽа аалыҵк аазхәо иарбанзаалак атәыла  аҩбатәи  атарифқәа азышьақәдыргылоит.

Грем иажәақәа рыла, Америка ахада Дональд Трамп Украинаҿ аибашьра ахыркәшара иазку иҽазышәарақәа алҵшәа рхылҵырц азыҳәан, Сенат Урыстәыла иҵегьы асанкциақәа азышьақәыргылара иазыхиоуп.

Иацы Америка ахада Дональд Трамп асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, аҵыхәтәантәи аамҭазы Путин имҩаҧиго ажәыларақәа рыла иубарҭоуп Путин аибашьра ахыркәшара шиҭахым, убри аҟынтә, иара ҽакала изныҟәатәуп, „абанктә“ ма  „аҩбатәи“ асанкциақәа рыла.