Асенатор Крис Кунс – Ҳтәылақәа ЕАР аҿы Украина азҵааразы рыбжьы еицарҭеит, ақырҭуаа ирдыруеит ампыҵахалареи агрессиеи закәу, уажәы ҳаицықәгылароуп
«Ҳтәылақәа, еицҿакны, ЕАР аҿы Украина азҵааразы рыбжьы еицарҭеит, ақырҭуаа ирдыруеит ампыҵахалареи агрессиеи закәу», — иҳәеит асенатор Крис Кунс Конгресс аделегациа Қырҭтәыла рвизит инамаданы имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.
«Аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыла Америка Қырҭтәыла иазоунашьҭит 6 миллиард адоллар аҟара ацхыраара. Ҳара еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла ари атәыла ҳацхраауан: аекономикатә аҿиара, ашәарҭадара, азакәан аиҳаӡара. Иара убас, ҳажәларқәа рыбжьара аимадара арҕәҕәара ҳацхраауан. Путини Урыстәылеи рагрессиа мҩаҧысуеижьҭеи 56 мшы ҵуеит. Украинаа рфырхаҵареи рыҕәҕәареи гәызҭаҵагас иаҳзыҟалеит. Ҳара, ҳтәылақәа, еицҿакны, ЕАР аҿы Украина азҵааразы ҳабжьы аҳҭеит, ари атәыла ацхраара наҳагӡароуп. Ақырҭуа ибзианы ирдыруеит ампыҵахалареи агрессиеи закәу. Ҳанеицхырааша аамҭа ааит», — иҳәеит асенатор Кунс.