Асенатор Џьин Шаҳин лҳәамҭала, «Ақырҭуа жәлар ракт» адгылаҩцәа рхыҧхьаӡара ацлеит
Асенатор Џьин Шаҳин лҳәамҭала, Сенат иалагалоу ҩ-партиактәи азакәанпроект «Ақырҭуа жәлар ракт» даҽа 10ҩык асенаторцәа иадгылеит.
«Сенат аҿы сколлегацәа рацәа «Ақырҭуа жәлар ракт» иахьадгылаз сеигәырҕьеит, сара ибзиаӡаны еилыскааит Қырҭтәыла аҭагылазаашьа ахырҧара шыҟамло. Қырҭтәыла иадҳәалоу ҳпозициеи ақырҭуа жәлар ревроатлантикатә ҽазышәарақәеи ҕәҕәала ҳрыдгылоит, Вашингтон иахылаҧшуа апартиа иахьыҧшымкәа», — илҳәеит асенатор Шаҳин.
Иара убас, асенатор Џьим Риш ишиҳәаз ала, Америка аполиткиатә гәыҧқәа зегьы, еицҿакны, ақырҭуа жәлар ирыдгылоит.
«Ари азакәанпроект Конгрессахь ашьҭымҭа ҕәҕәа ҟанаҵоит Америка аполиткиатә гәыҧқәа зегьы, еицҿакны, ақырҭуа жәлар ишрыдыгыло азы. Ҳара ақырҭуа жәлар евроинтеграциа ишазгәыку иазхаҳҵоит, ари ахықәкы анагӡараҿы ирыцхрааша аполитика амҩаҧгара ҳазыхиоуп», — иҳәеит асенатор Риш.
Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Америкатә Сенато акомитет цәыббра 25 рзы иаанацҳаит «Ақырҭуа жәлар ракт» азы Сенатаҿ имҩаҧысраны иҟаз азыӡырҩрақәа ишхырҧоу. Азыӡырҩрақәа анымҩаҧысуа макьана идырым.