Асенат Ацентртә аԥшыхәратә агентра аиҳабы иҭыԥ ахь Џьон Ретклиф икандидатура шьақәнарӷәӷәеит
Асенат Ацентртә аԥшыхәратә агентра (CIA) аиҳабы иҭыԥ ахь Џьон Ретклиф икандидатура шьақәнарӷәӷәеит.
Аҵәҭаԥсараан Ретклиф икандидатура иадгылеит 74-ҩык асенаторцәа, 25-ҩык иаҿагылеит.
Џьон Ретклиф иажәақәа рыла, иӡбамҭақәа рнырра акгьы азалшом.
Ретклиф амилаҭтә ԥшыхәра дахагылаз 2020-2021 шықәсқәа раан. 2015-2020 шықәсқәа раан Џьон Редклиф Аконгресс аҿы Техас аԥшьбатәи алхратә аокруг дахаҭарнакын