Асеисмологиатә мониторинг амилаҭтә центр аҟынтә ишаарыцҳаз ала, 6,2 абалл амч змаз адгьылҵысра аепицентр Џьавахеҭтәи ашьхаҟьаҟьараҿ иҟан
Асеисмологиатә мониторинг амилаҭтә центр аҟынтә ишаарыцҳаз ала, 6,2 абалл амч змаз адгьылҵысра аепицентр Џьавахеҭтәи ашьхаҟьаҟьараҿ иҟан.
Асеисмолог Манана Ӡманашвили ишылҳәаз ала, иахьатәи адгьылҵысра аҧхынраз иҟалаз адгьылҵысрақәа раасҭа акырӡа иҕәҕәан. Лара ишазгәалҭаз ала, ишаҧу ала, усҟак иҕәҕәам аахақәа еиҭаҟалар ауеит.
Ӡманашвили лҳәамҭала, абгарақәа ирызкны макьана аинформациа рмоуӡацт.
Еиҭагәаҭоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла иҟалаз адгьылҵысра амагнитуда 6,2 абалл иаҟаран.
Алгьылаҵантәи аахақәа ҟалеит қарҭтәи аамҭала асааҭ 22:25 рзы.