Асахьаҭыхҩы  Зураб Нижараӡе иҧсҭазаара далҵит
Асахьаҭыхҩы  Зураб Нижараӡе иҧсҭазаара далҵит

92 шықәса шихыҵуаз иҧсҭазаара далҵит асахьаҭыхҩы Зураб Нижараӡе  (Пико).

Зураб Нижараӡе Қырҭтәи аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә академиа далгеит 1955 шықәсазы.  1964 шықәса инаркны  1971 шықәсанӡа асахьаҭыхратә академиа аҿыханҵаратә кафедраҿы арҵаҩыс  аус иуан,  1982 -1987 шықәсқәа рзы академиа аректорс дыҟан.

Зураб Нижараӡе  1955 шықәса инаркны еиуеиҧшым ацәыргақәҵақәа дрылахәын. Иусумҭақәа ишьҭоуп  Аҟазара аҳәынҭқарратә музеи (Қарҭ), Атеатри,  амузыкеи, акинои, ахореографиеи рмузеи  (Қарҭ), Асахьаҭыхҩцәа реидгылеи  (Қарҭ), Третиаков игаллереиеи  (Москва),  Рио-де-Жанеиро Амилаҭтә галлереиеи (Бразилиа),  Ҳаамҭазтәи аҟазара амузеи  (Аахен, Германтәыла), иара убас, Америкеи, Франциеи, Италиеи, Германтәылеи, Швециеи, Бырзентәылеи, егьырҭ атәылақәеи хазхаҭалатәи аколлекциақәеи  рҿы.

Зураб Нижараӡе Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан.