Асанкциақәа ззышьақәыргылоу аилахәырантә аидара мҩанызго аҕба Баҭымтәи абаҕәазаҿы ахазалхратә процедурақәа рымҩаҧгаразы мап ацәыркит, аҕба абаҕәаза иалҵуеит
Афинансқәа рминистрра иаҵанакәа Ахашәалахәқәа рзы амаҵзура Баҭымтәи абаҕәаза иҭалаз аҕбеи аидареи иазку адырра аланарҵәеит.
Амаҵзура адыррақәа рыла, рашәара 26 рзы Баҭымтәи абаҕәаза иҭалеит аҭырқәа бираҟ аҵаҟа иӡысуа аҕба. Аҕбеи уи аҧшәмеи жәларбжьаратәи асанкциақәа рзышьақәыргылам, убри аҟынтә, аҕба ақырҭуа абаҕәаза аҭалара азин арҭеит.
« Ахазалхратә департамент ахаҭарнакцәа аҕба иақәыз аидаразы адокументқәа зегьы ангәарҭа ишеилкаахаз ала, аҕбаҿы иҟаз аидара Ҭырқәтәылаҟа адәықәҵаразы иазҧхьагәаҭан, аха, аидара дәықәызҵоз аилахәыра асанкциақәа рсиан иануп.
Убри аҟынтә, Қырҭтәыла иашьашәалоу амаҵзура ахаҭарнакцәа абҕа аидара ақәхреи анеҩстәи ахазалхратә процедурақәа рымҩаҧгареи азы мап ркит. Ҭырқәтәыла абираҟ аҵара иӡысуа аҕба Баҭымтәи абаҕәаза иалҵуеит.
Афинансқәа рминистрра иаҵанакәа Ахазалхратә департамент, Қырҭтәыла азакәани жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрқәеи инрықәыршәаны, асанкциақәа ирылахәы атәылақәа ишьақәдыргылаз жәларбжьаратәи асанкциақәа рсиаҿы иарбоу атауарқәа зегьы ҕәҕәала рхылаҧшра нанагӡоит», — иануп Ахашәалахәқәа рзы амаҵзура адырраҿы.