14-ҩык европарламентарцәа Қырҭтәыла иазку арезолиуциа апроект аус адырулеит. Апроект “Қырҭтәыла адемократиатә шьҭахьҟа ацареи аполитикатә плиурализм ашәарҭақәеи” ахьӡу. Апроект авторцәа роуп: Урмас Пает, Петрас Аустревчиус, Дан Барна, Гельмут Брандштетер, Бенуа Касар, Оливие Шастель, Вероника Цифрова-Острихнова, Беранр Гета, Лубица Карвашрова, Ильҳан Киучиук, Мари-Аниес Штрак-Цимерманн, Хильде Вотманс, Луициа Иари, Даиниус Жалимас.
Арезолиуциа апроект аҿы иануп:
„Европатәи Апарламент Қырҭтәыла иазкны уаанӡа иаднакылаз аӡбарақәа хшыҩзышьҭра рнаҭоит, хшыҩзышьҭра рнаҭоит Европатәи Аидгылеи Европатәи Атомтә Еидгылеи урҭ ирылахәу аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра, хшыҩзышьҭра азнауеит 2023 шықәса ԥхынҷкәын мза 14, 15 рзы, иара убас 2023 шықәса абҵара 8 рзы Европатәи Ахеилак Акомиссиа 2023 шықәсазы ЕС арҭбааратә политика иазку акоммуникациа» ҳәа ахьӡ змоу иҟанаҵаз алкаақәа.
Арҭ ашьаҿақәа Қырҭтәыла акандидаттә статус аиуразы ашьаҿақәа шьақәдыргылоит, ҷыдала – Атәылауаҩратә еилазаара ахақәиҭра иазку 9-тәи ашьаҿа, иара убас хшыҩзышьҭра азнауеит 2024 шықәса цәыббра мза 4 рзы Европа Адәныҟатәи ҭагылазаашьақәа рмаҵзура аҳәамҭа, иара убас хшыҩзышьҭра азнауеит 2024 шықәса цәыббра 18 рзы Қырҭтәыла Апарламент иаднакылаз “Аҭаацәаратә хәынаӡарақәеи зықәра намӡац рыхьчареи рзы» азакәанқәа иазкны Акомиссиа вице-ахада/аиҿкаара иреиҳаӡоу ахаҭарнак иҟаиҵаз аҳәамҭа, иара убас, Венециа акомиссиа агәаанагарақәа (акомиссиа 139-тәи аилатәараҿы – 2024 шықәса рашәара 21-22 ).
А. Қырҭтәыла Аконституциа ахәыцра, агәаанагара аҳәара, аилазаара, аҭынч еизарақәа рхархәара, иара убасгьы зегьы еицырзеиԥшу, еиҟароу, зхы иақәиҭу алхрақәа рзин ашьаҭатәи зинқәа раҳасабала иахьчоит; Қырҭтәыла Аконституциа ауаа зегьы реиҟарара еиқәнаршәоит, урҭ адискриминациа аҟынтәи ирыхьчоит; Қырҭтәыла Аконституциа 78-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, «рзинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны, аконституциатә усбарҭақәа Қырҭтәыла Евроеидгыла ашҟа аинтеграциеи Аҩада Атлантикатәи аидгыла алалареи рзы аусмҩаԥгатәқәа зегьы рхы иадырхәароуп»;
Б. Евреидгылеи Қырҭтәыла егьырҭ мраҭашәаратәи апартниорцәеи рпротестқәеи ааԥхьарақәеи ирыхәамԥшыкәа, анапхгаратә партиа “Ақырҭуа гәахәтәы” Урыстәыла ақәыӷәӷәарала иаԥҵаз “Атәым нырра аартызаара” иазку азакәан аднакылеит, ари азакәан инақәыршәаны, аҳәаанырцәтәи афинанстә цхыраара зауа атәылауаҩратә еилазаарақәеи амедиа-еиҿкаарақәеи, «атәымтәылақәа ринтересқәа рыхьчара иазырхоу аиҿкаарақәа» ҳәа рыхьӡырҵоит, аштрафқәа рықәырҵоит;
С. Ари азакәан атәылауаҩратә еилазаарақәеи амедиа-еиҿкаарақәеи рхы иақәиҭны аусура рнаҭом, ажәа ахақәиҭра рымнахит, Қырҭтәыла атәылауаа рзы еилыкка ахәарҭа злоу аиҿкаарақәа ииашамкәа рцәа ԥырҽуеит;
D. 2023 шықәса хәажәкыра мзазы, абри аҩыза азакәанԥҵара адкылара анырҭахыз аамҭазы, Қырҭтәыла ақәгыларақәа ҟалеит, анапхгаратә партиа ахакәан архынҳәра ақәшәеит, аха анапхгаратә партиеи аҳәынҭқарра иадгыло ахылаԥшратә усбарҭақәеи атәылауаҩратә еилазаареи ажурналистцәеи рҿагыларатә риторика еиҳа идырӷәӷәеит;
E. 2024 шықәса жәабран мза 20 рзы анапхгаратә партиа “Ақырҭуа гәахәтәы” алхратә закәанԥҵараҿы аиҭакрақәа ахьрыдыркылаз аҟынтә, ауааԥсыра Ацентртә алхратә комиссиа аганахьала амаз агәрагара ԥсыҽхеит;
F. 2024 шықәса нанҳәа анҵәамҭазы аолигарх Биӡина Иванишвили алхҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, Қырҭтәылатәи апарламент аҿы аконституциатә еиҳарак ахьчаразы апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ацхыраара рырҭарц, аоппозициатә партиақәа рықәиҭымтәра апроцесс иалагарц; Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ари ажәалагала дадгылеит – апарламенттә алхрақәа рышьҭахь жәа-партиак инареиҳаны шыҟамло азгәеиҭеит;
G. 2024 шықәсаабҵара 17 азы анапхгаратә партиа “Ақырҭуа гәахәтәы” LGBT+ ауаа рзинқәа еилазго “Аҭаацәаратә хәынаӡарақәеи рыхьчареи зықәра намӡац рыхьчареи рзы” азакәан аднакылеит;
H. “Аҭаацәаратә хәынаӡарақәеи рыхьчареи зықәра намӡац рыхьчареи рзы” азакәан амч аура ашьҭахь ҩымш анҵы, атрансгендертә модель, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ Кесариа Абрамиӡе лыҩны дыршьит;
I. Уаанӡа, 2024 шықәса мшаԥы мза 4 азы, анапхгаратә партиа “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитикатә партиақәа ралхратә рсиақәа рзы иазыԥхьагәаҭаз хымԥадатәи агендертә квотақәа аԥнахит;
J. Қырҭтәыла Аиҳабыра “Аҭаацәаратә хәынаӡарақәеи рыхьчареи зықәра намӡац рыхьчареи рзы” азакәан иадҳәаланы Венециатәи акомиссиа иҟанаҵаз абжьагарақәа нанамнӡеит;
К. Анапхгаратә партиа “Ақырҭуа гәахәтәы” антиевропатәи антидемократиатәи апропаганда аларҵәара иаҿуп, иара убасгьы ацәгьаршратә теориақәа рыладырҵәоит;
L. Анапхгаратә партиа “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитикатә оппонентцәеи адунеизегьтәи апартниорцәеи рҿаԥхьа, Украинагьы уахь иналаҵаны, ацәгьаршратә, ақәымчратә риторика аланарҵәоит;
М. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Қырҭтәылеи «агәыларатә ҳәынҭқаррақәа – Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи» рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалараҿы ацхыраара дшазыхиоу ааирԥшит, ари ажәалагала анапхгаратә партиа анапхгаҩцәа ирыдыркылеит, ари иаанарԥшуа акоуп – Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхамҵара политика аҟынтәи ахыҵра;
N. Европатәи Акомиссиа «2023 шықәсазы Европатәи Аидгыла арҭбаара аполитика иазку акоммуникациа» ҳәа ахьӡ змоу аҳасабырбаҿы, Қырҭтәыла кандидатс астатус аҭара азы абжьгара ҟанаҵеит, Қырҭтәыла жәа-шьаҿак нарыгӡар;
О. 2023 шықәса ԥхынҷкәын мза 14 рзы Европатәи Ахеилак Қырҭтәыла Европатәи Аидгыла акандидаттә ҳәынҭқарра астатус анаҭеит, Европатәи Акомиссиа абжьгарақәа рҿы иарбоу ашьаҿақәа рынагӡара аԥҟарала;
P. Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иазгәеиҭеит, Қырҭтәыла Урыстәыла азы асанкциақәа шьақәнаргылаӡом, аха атәыла атерриториаҽ асанкциақәа реилагара аҭы́ԥ рымазаауам ҳәа;
Q. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса ирылагӡаны Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭратәи аекономикатәи усеицура ахьеизҳаз инаркны, 100 нызқьҩык инареиҳаны аурысцәа иааиԥмырҟьаӡакәа анхаразы Қырҭтәылаҟа ииасит, 26 нызқьҩык инареиҳаны анаплакқәа аадыртит, анхарҭақәа аархәеит, аԥара ацәгьаршразы ашәарҭара зырҿио аусурақәа ирылагеит; абри аҭагылазаашьа Қырҭтәыла амилаҭтә шәарҭадара ашәарҭара иҭадыргылоит, насгьы Урыстәыла ахьыԥшра арӷәӷәоит;
R. Аҵыхәтәантәи амзқәа рзы ЕАШ Қырҭтәыла ашәарҭадаратә мчрақәеи апартиақәа рнапхгаҩцәеи рганахьала афинансттә санкциақәа аланагалеит, Қырҭтәыла аҭынч еизарақәа рымҩаԥгара ахақәиҭра ахьырхәаҽыз азы, насгьы егьырҭ ауаа 60 рзы аныҟәаратә санкциақәа шьақәнаргылеит, урҭ рҟны иҟоуп иреиҳау аҳәынҭқарратә усзуҩцәагьы ачынуаа; Қырҭтәыла Амилаҭтә Банк урҭ асанкциақәа рықәныҟәара мап ацәнакит;
С. Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа 2024 шықәса жьҭаара 26 рзы мҩаԥгахоит, ари иазыԥхьагәаҭаны Европарламент:
- “Атәым нырра аартызаара” иазку азакәан адкылара, иара убасгьы аҭыԥантәии апарламенттәии алхрақәа рҿы агендертә квотақәа раԥыхра ӷәӷәала иақәыӡбоит;
- “Ақырҭуа гәахәтәы” ахь ааԥхьара ҟанаҵоит “Атәым нырра аартызаара” иазку азакәани “Аҭаацәаратә хәынаӡарақәеи рыхьчареи зықәра намӡац рыхьчареи рзы” азакәани идырхынҳәырц, агендертә квотақәа еиҭашьақәдыргыларц.
- Иазгәанаҭоит “Атәым нырра аартызаара” азакәани, насгьы “Аҭаацәаратә хәынаӡарақәеи рыхьчареи зықәра намӡац рыхьчареи рзы” азакәани рыԥыхра Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа реиӷьтәразы ихымԥадатәиу шьаҿаны ишыҟало;
- Рыԥсадгьыл европатәи аԥеиԥши рдемократиатә зинқәеи ирзықәԥо агәымшәара злоу ақырҭуа жәлар адгылара рзаанарԥшуеит;
- Ааԥхьара ҟанаҵоит Илибералтәым азакәанԥҵара ԥыххаанӡа, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра рзы иалхыз Евроеидгыла афинансркра аанкылахарц;
- Еврокомиссиа ахь аааԥхьара ҟанаҵоит “Атәым нырра аартызаара” азакәани, насгьы “Аҭаацәаратә хәынаӡарақәеи рыхьчареи зықәра намӡац рыхьчареи рзы” азакәани, агендертә квотақәа раԥыхреи даҽазнык ахәшьара арҭарц.
- Евроеидгыла иалоу атәылақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит, Қырҭтәыла ауаҩытәыҩсатә зинқәа реилагара, мамзаргьы атәыла адемократиатә шьҭахьҟа ацара апроцесс иалахәу ақырҭуа чинҳаракҩцәа рганахьала асанкциақәа шьақәдыргыларц; даҽазнык ааԥхьара ҟанаҵоит Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла аполитикатә процесси ауаҩы изинқәа рҭагылазаашьа аицәахареи рҿы инаигӡо ароль азы хаҭалатәи асанкциақәа ралагалара азҵаара ахәаԥшразы; Иара убас Қырҭтәылатәи акоммерциатә банкқәа рахь ааԥхьара ҟнаҵоит ажәларбжьаратә санкциақәа нарыгӡарц; адунеизегьтәии анаԥшыҩцәа рыҟазаара ахьчаразы;
- Қырҭтәыла аҳәынҭқарра игәаланаршәоит Евроеидгыла Қырҭтәыла акандидаттә статус шанаҭаз 2023 шықәса абҵара 8 рзы ирыдыркылаз ашьаҿақәа рыҟаҵара ацынхәрас; Қырҭтәыла ирыдыркылаз азакәантә актқәа ари ахықәкы еилыкка ишаҿагылоу, насгьы Қырҭтәыла европатәи аинтеграциа апроцесс шаанкылаз азгәеиҭоит;
- Қырҭтәыла аиҳабыра рахь даҽазнык ааԥхьара ҟанаҵоит Евроеидгыла алаларазы иргаз аҭакԥхықәрақәа нарыгӡарц;
- Қырҭтәыла, Евроеидгыла акандидат тәыла аҳасабала, Урыстәыла Украина ақәылара иахҟьаны, Урыстәыла аганахьала ишьақәгылоу асанкциақәа нанагӡарц;
- Европатәи Аидгылеи уи иалахәу аҳәынҭқаррақәеи ари иуадаҩу аамҭазы Қырҭтәыла иҟоу ауаажәларратә еиҿкаарақәа инагӡаны адгылара рырҭарц ааԥхьара ҟарҵоит, азакәан ҿыц ала урҭ ирыдҵоу аҟәарҭынқәеи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи ирызку азҵаарақәа рганахьалагьы;
- Қырҭтәыла анапхгара ааԥхьара ҟаиҵоит 2024 шықәсазы жьҭааразы имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа иреиҳаӡоу адунеизегьтәи астандартқәа ирышьашәаланы мҩаԥыргарц
- 30 иреиҳаны иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәеи “Жәларбжьаратәи аартызаара – Қырҭтәыла” рыла ишьақәгылоу акоалициа имҩаԥырго акампаниа “Уца алхрақәа рахь” аҳәынҭқарра аԥырхагахара иаҟыҵырц;
- 2024 шықәса хәажәкыра-рашәара рзы имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциақәа реимырпраан аполициа ахаҭарнакцәа иаадырԥшыз агәымбылџьбарара иаҿагылоит, Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟарҵоит афакт цыԥхьаӡа ҭырҵаарц;
- Ааԥхьара ҟанаҵоит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара адемократиатә институтқәеи анаԥшартә миссиақәеи Қырҭтәыла имҩаԥысран иҟоу апарламент алхрақәа рымҩаԥгара иахылаԥшырц;
- Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаиҵоит, зыԥшра ҟамҵакуа Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михаил Саакашвили дхақәиҭыртәырц, аҳәаанырцә иахәҭоу ахәышәтәра иоурц азы алшара иҭарц;
- Евроеидгылеи уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ари азҵаара ахшыҩзышьҭра рырҭарц, 2024 шықәса жьҭаара мзазы имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа рҟынӡа, насгьы урҭ рышьҭахьгьы;
- Европарламент ахада адҵа ирҭоит ари ашәҟәы Акомиссиа вице-ахада/аидгыла Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадаратә политикеи рзы иреиҳаӡоу ахаҭарнаки, Ахеилак, Акомиссиа, иалоу атәылақәа реиҳабырақәа, апарламентқәа, Европа ахеилак, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаареи, Қырҭтәыла ахадеи, аиҳабыреи апарламенти рзиишьҭырц.