Асааҭ 17:00 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла абжьыҭира рхы аладырхәит 50.6%
Асааҭ 17:00 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла абжьыҭира рхы аладырхәит 50.6%

Ацентртә алхратә комиссиа аинформациа инақәыршәаны, асааҭ 17:00 рзы иҟоу адыррақәа, абжьыҭира рхы аладырхәит 50.6 % алхыҩцәа – 1 768 816 -ҩык.

Ацентртә алхратә комиссиа аинформациа инақәыршәаны, арегионқәа рҿы алхрақәа рышҟа инеит:

Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла – 47.84%, Қарҭ – 52.42%, Кахеҭи –51.33%, Мцхеҭа-Мҭианеҭи – 51.93%, Қвемо Қарҭли – 42.29%, Шида Қарҭли  – 50.67 %, Самцхе–Џьавахеҭи – 52.38%, Раҷа-Лечхуми Ҵаҟатәи Шәантәыла – 61.81%; Имереҭи – 51.26%, Гуриа – 53.74%; Аҷара – 53.05%.

Ацентртә алхратә комиссиа аинформациа ала, 2012 шықәса асааҭ 17:00 рзы алхыҩцәа рактивра 53,03% иаҟаран, 2016 шықәса рзы – 42,04%, 2020 шықәса рзы – 45,77%.

2024 шықәса жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа рзы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 3 508 294-ҩык иаҟароуп.  Қырҭтәыла аҵакыраҿ иаартуп 3044 алхырҭақәа, урҭ рҟынтә 12 апенитенциартә цсҳәарҭақәа рҿы, акы – аԥсиахиатриатә гәабзиара ацентр аҿы.