Асааҭ 14:00 рзы акоронавирус азы алаҵазы арегистрациа иахысит 107 157-ҩык
Асааҭ 14:00 рзы акоронавирус азы алаҵазы арегистрациа иахысит 107 157-ҩык

Агәабзиарахьчара аминистра аинформациа ала, асааҭ 12:00 инаркны  14:00-нӡа акоронавирус азы алаҵазы арегистрациа иахысит 107 157-ҩык.

Фаизер” актәи адоза аҟаҵаразы арегистрациа ԥхынгәы 24, асааҭ 12:00 инаркны иалагеит, авакцинациа апроцесс – ԥхынгәы 26 инаркны.

“Фаизер” ала авакцинациаа процесс мҩаԥгахоит 37 амедицинацтә усҳәарҭақәа рҿы.

“Фаизер” алаца аҟаҵара рылшоит 16 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа.

pfizer ала авакцинациазы ҩдозак аҭахуп, аинтервал –  21-28 мшы.

pfizer ала авакцинациазы аҭаҩра ҟалоит апортал  booking.moh.gov.ge аҿы.

Алаҵа иазку аконсультациа аиура ҟалоит аҭелла 15 22. Заанаҵтәи аҭаҩра иазку sms атәылауаа 24 сааҭк ирылагӡаны роуеит.

Америка аиҳабыреи ахадеи рыӡбара ала,  Қырҭтәыла, авакцина  Pfizer 500 000 адозақәа  ҳамҭас аиуит.