Асааҭ 10:00 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла зехьынџьара абжьыҭира рхы аладырхәит 9.27%
Асааҭ 10:00 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла зехьынџьара абжьыҭира рхы аладырхәит 9.27%

Ацентртә алхратә комиссиа аинформациа инақәыршәаны, асааҭ 10:00 рзы иҟоу адыррақәа, абжьыҭира рхы аладырхәит 9.27% алхыҩцәа – 154 163-ҩык.

Зегьы раасҭа активра дууп Раҷа-Лечхуми –  12.09%, зегьы раасҭа активра маҷуп Гуриа – 7.65%.

Ацентртә алхратә комиссиа аинформациа инақәыршәаны, арегионқәа рҿы алхрақәа рышҟа инеит:

Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла – 8.23%, Аҷара – 7.81%, Қарҭ – 10.07%, Кахеҭи – 10.05%, Мцхеҭа-Мҭианеҭи – 10.42%, Қвемо Қарҭли – 8.47%, Шида Қарҭли  – 9.66%, Самцхе–Џьавахеҭи – 8.75%, Раҷа-Лечхуми Ҵаҟатәи Шәантәыла – 12.09%, Имереҭи – 8.12%, Гуриа – 7.65%.

Ацентртә алхратә комиссиа аинформациа ала, 2012 шықәса асааҭ 10:00 рзы алхыҩцәа рактивра 10.66% иаҟаран, 2016 шықәса рзы – 8.34%, 2020 шықәса рзы – 8.33%.

2024 шықәса жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа рзы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 3 508 294-ҩык иаҟароуп.  Қырҭтәыла аҵакыраҿ иаартуп 3044 алхырҭақәа, урҭ рҟынтә 12 апенитенциартә цсҳәарҭақәа рҿы, акы – аԥсиахиатриатә гәабзиара ацентр аҿы.