Археологцәа, Дманиси, 1,8 миллион шықәса зхыҵуа адгьыл аҿыгхараҿ аадырҧшит ажәытәӡатә ауаҩы ихаҧыц
Археологиа аҭҵааратә амилаҭтә центр адыррала, 1,8 миллион шықәса зхыҵуа адгьыл аҿыгхараҿ аадырҧшит ажәытәӡатә ауаҩы ихаҧыц.
Орозмани — Қырҭтәыла иҟоу археологиатә баҟоуп, уи 1,8 миллион шықәса ахыҵуеит. Орозмани аҵакырадгьылаҿ раҧхьатәи археологиатә аҵхрақәа мҩаҧган 2021 шықәсазы, усҟан археологцәа аадырҧшит Евразиаҿ ажәытәӡатә ауааҧсыра рхы иадырхәоз ахаҳәтә маругақәеи аҧстәқәа рцәынхақәеи.
2022 шықәсатәи археологиатә аҵхрақәа раан, Орозмани, Жәларбжьаратәи археологиатә експедициа алахәылацәа 1,8 миллион шықәса зхыҵуа адгьыл аҿыгхараҿ аадырҧшит ажәытәӡатә ауаҩы ихаҧыц.
Орозмани аарҧшра адунеитә аҵакы амоуп, уи адунеи аҿы, Африка анҭыҵ, ажәытәӡатә ауаҩҧсы ажәытәӡатә инхарҭатә центруп.