Артур Гебаль - Ҳара ақырҭуа ажәлар, асуверенитет, Қырҭтәыла европатәи аперспектива ҳрыдгылоит, аха арепрессиақәа ақәҿыҭра рыҭатәуп
Аахаҿык рганахьала асанкциақәа шьақәсырӷәӷәар сылшоит. Ари аӡбамҭа ҳадаҳкылеит Қырҭтәыла имҩаԥгаз арепрессиақәа ирыхҟьаны. Асанкциақәа ҳадаҳкылеит арҭ арепрессиақәа ирылахәыз ахаҿқәа рганахьала, – иҳәеит Польша ацҳаражәҳәара аиҳабы Польши Артур Гебаль.
Артур Гебаль иажәақәа рыла, Евроеидгыла иалоу гәыԥҩык атәылақәа абри еиԥш аӡбамҭақәа рыдыркылахьеит.
“Аахаҿык рганахьала асанкциақәа шьақәсырӷәӷәар сылшоит. Ари аӡбамҭа ҳадаҳкылеит Қырҭтәыла имҩаԥгаз арепрессиақәа ирыхҟьаны. Асанкциақәа ҳадаҳкылеит арҭ арепрессиақәа ирылахәыз ахаҿқәа рганахьала. Асанкциақәа рырҭбаара Қырҭтәыла аҭагылазаашьа зеиԥшрахо иадҳәалоуп. Сминистр иҟаиҵаз аҳәамҭала, атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа ақырҭуа жәлар ргәаԥхом, ҳара ақырҭуа жәлар ҳарҿагылом. Ҳара ақырҭуа ажәлар, асуверенитет, Қырҭтәыла европатәи аперспектива ҳрыдгылоит, аха арепрессиақәа ақәҿыҭра рыҭатәуп. Асанкциақәа ари иадҳәалоуп”,- иҳәеит Гебаль.