Арратә маҵзуҩцәа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭырхит
Арратә маҵзуҩцәа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭырхит

Иахьа Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭоит.

Ари амш инамаданы, Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрреи Атәылахьчаратә мчқәа арратә базақәеи рҿы аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхра аныҳәатә церемониа мҩаҧган.

Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭоит ажьырныҳәа 14 рзы,  «Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә бираҟ иазку» Қырҭтәыла аоргантә закәан адкылара амш азы.