«Қырҭтәыла ҳара ҳзы аиҩызаратә тәылоуп, ҳара абри атәылаҟны аизыҟазаашьақәа ҳреиҷаҳароуп», — иҳәеит Шәамахьтәыла ахада Армен Сарқисиан ақырҭуа журналистцәа данырҧылоз.
Иара Қырҭтәыла ивизит аан имҩаҧигаз аиҧыларақәа дрылацәажәан, ишиҳәаз ала, урҭ раан ахадаратә ҵакы рыман ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи, арегион аҿиареи иазку азҵаарақәеи. Шәамахьтәыла ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит арегион аҿы аҭышәынтәалара ашьақәыргылара аҵакы.
Шәамахьтәыла ахада апандемиагьы дазааҭгылан, иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла қәҿиарала апандемиа ишаҿагылоу.
Армен Сарқисиан ишиҳәаз ала, хара имгакәа иара Қырҭтәылаҟа деиҭаауеит. Уажәтәи авизит аан апандемиа амшала Самцхе-Джавахеҭи арегион ашҟа дзымцеит, анеҩстәи ивизит аан хымҧада абри арегионгьы даҭаауеит.