Арезолиуциа иалагалаз ариашара инақәыршәаны,  «Европарламент  «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Европарламент алахәылацәа уадаҩрада Михаил Саакашвили ибара алшара рзеиқәдыршәарц»
Арезолиуциа иалагалаз ариашара инақәыршәаны,  «Европарламент  «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Европарламент алахәылацәа уадаҩрада Михаил Саакашвили ибара алшара рзеиқәдыршәарц»

Иахьа Европарламент иаднакылаз арезолиуциа ариашара алагалоуп. Уи Михаил Саакашвили изкуп.

Лымкаала, арезолиуциа иацырҵаз апутнкт иануп – «Европарламент  «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Европарламент алахәылацәа уадаҩрада Михаил Саакашвили ибара алшара рзеиқәдыршәарц».

Арезолиуциа 27-тәи ахәҭаҷ иануп: «Европарламент даҽазнык иааҧҵәаны аҳәара ҟанаҵоит ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили зыҧшра ҟамҵакәа доурыжьҭырц агәыҳалалратә мзызла, лымкаала, аҳәаанырцә иҽыхәшәтәразы. Иаҵшьны иазгәаҳҭоит ахаҧшьгаратә аиҳабыра ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иҧсҭазаареи, игәабзиареи, ишәарҭдареи, имшхәыбзазареи азы аҭак шрыҧхықәу,  иара иоур зылшо  иарбаанзаалак аҧырхага азы аҭак рыҧхықәзароуп.  «Европарламент  «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Европарламент алахәылацәа уадаҩрада Михаил Саакашвили ибара алшара рзеиқәдыршәарц».