Арестораторцәа рассоциациа анапхгаҩы ишааицҳаз ала, уаҵәы Қарҭ, 86 аресторанқәа, апротест ҟаҵаны, аалыҵ анагара асервис иаҟәыҵуеит
Уаҵәы Қарҭ, 86 арестораторцәа, апротест ҟаҵаны, 24 сааҭ рыла аалыҵ анагара асервис ааныркылоит, — Қырҭтәыла Актәи аканал ари атәы азааицҳаит Арестораторцәа рассоциациа анапхҳгаҩы Шоҭа Бурджанаӡе.
«Алокдаун амшала, атәылаҿы асоциалтә ҭагылазаашьа зеиҧшҟамлац ала ицәгьахеит. Абизнесқәа аҕархара иаҿуп. Ауаа аусурҭа рымам. Аиҳабыра апроблемақәа рыӡбаразы акгьы ҟарҵом. Шәара аалыҵ анагара асервис шәхы иашәырхәар шәылшоит ҳәа ҳарҳәеит. Убри аҟынтә, апротест ҟаҵаны, 24 сааҭ рыла онлаин-сервис мап ацәаҳкуеит», — иануп Арестораторцәа рассоциациа аҳәамҭаҿы.