Ареспубликатә хәшәтәырҭа аргылара иалагоит. Наҟ-наҟтәи апланқәеи аконцепциеи ирызку аӡыргара иахьа имҩаԥигеит Агәабзиарахьчара аминистр Михеил Сарџьвелаӡе.
Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациала, апланқәа ирылоуп ахыбра хада арҽеира, иара убас Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҵакыраҿ ахыбра ҿыц дыргылоит.
“Аконцепциа ҿыц инақәыршәаны, апланқәа ирылоуп ахыбра хада арҽеира. Ахшәтәырҭа асервисқәа аамҭакала рхы иадырхәар рылшоит 700-ҩык апациентцәа, ахәшәтәырҭаҿ апациентцәа диагностика амҩаҧгареи аҽыхәышәтәреи рылшахоит. иара убас ахәшәтәырҭа амазаауеит зхаҭабзиара ҳараку GMP астандартқәа ирышьашәалоу ахәшәқәа. Апланқәа инақәыршәаны, идырҽеиуеит 42000 м2 аҵакыра змоу арекерациатә ҭыԥ. Иара убас, Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҵакыраҿ ахыбра ҿыц дыргылоит“, – иануп аинформациа аҿы.