Арчил Ҭалакваӡе - Урыстәыла аӡбара амшала адемарш ҳзаацҳара ииашам
Апарламент актәи авице-спикер Арчил Ҭалакваӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла, жәларбжьаратәи ауаажәларреи апартниорцәеи рҿаҧхьа ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа зегьы нанагӡоит, уажәазы атәыла излалшо ала Украина иадгылоит.
Арчил Ҭалакваӡе игәаанагарала, Урыстәыла ирыдыркылаз аӡбара амшала Евроеидгыла ала Қырҭтәыла адемарш азаацҳара ииашам. Арчил Ҭалакваӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра асанкциақәа раҧыхра иалахәымызт.
«Урыстәыла аӡбара амшала адемарш ҳзаацҳара ииашам. Урыстәыла абри аӡбарала ала Қырҭтәыла ҧырхага азааргар рҭахызаргьы ауеит. Абри аҩыза апроблемақәа иреиуп иахьатәи адемаршгьы. Убри аҟынтә, уажәазы адемарш акәӡам зегьы реиҳа ихадоу, уажәазы Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари Евроеидгылантә иазыҧшуп акандидат астатус иазку аӡбара иаамҭаны адкылара, избанзар, абри азҵаара ахырҧара амшала Қырҭтәыла иаҳа ирацәаны апроблемақәеи ашәарҭарақәеи азцәырҵыр ауеит», — иҳәеит Арчил Ҭалакваӡе Қырҭтәыла Актәи аканал аефираҿ.