Арчил Ҭалакваӡе - Иҳамаз апрогнозқәа ииашан - аҭынч акциақәа амчылара иахылҵит, избан акәзар адестабилизациеи аилаҩынтреи зҭаху аоппозициа арҭ ҿагыларатә уснагӡатәқәа иахагылоуп
Алобистцәеи аиҳабацәеи “Амилаҭтә ҵысреи” реизыҟазаашьақәа хьшәашәахеит, урҭ рҽырҵәахыроуп ҳәа изныкымкәа ҳҳәахьеит. Абас егьыҟалеит. “Амилаҭтә ҵысра” шьҭахьтәи аган аҟны иҟоуп, иҵәахуп, еимдырпит, урҭ рҟынтә иаанхаз агәыԥқәа рыла еицтәароу иҳәынҭқарартәм еиҿкаарақәа шьаҭаркын, – иҳәеит апарламент авице-спикер Арчил Ҭалакваӡе.
Арчил Ҭалакваӡе иажәақәа рыла, аиҳабыра ирымаз апрогнозқәа нагӡоит.
„Иахьа атәылауаҩратә уаажәлара “иҳәынҭқарартәым аиҿкаарақәа” рполитизациеи адестабилизациатә процесс рҽалархәреи роуп ԥырхагас ирзаазго. Арҭ афондқәа амаргиналтә гәыԥқәа аԥара рырҭоит – абри ауп аартызаара азакәан изызку. Иҳамаз апрогнозқәа ииашан – аҭынч акциақәа амчылара иахылҵит, избан акәзар адестабилизациеи аилаҩынтреи зҭаху аоппозициа арҭ ҿагыларатә уснагӡатәқәа иахагылоуп , урҭ ари аус аҿы аԥышәа ду рымоуп”, – иҳәеит Ҭалакваӡе “Имеди лаив” афеир аҿы.