Арчил Ҭалакваӡе - Азербаиџьантәи аган Қырҭтәыла европатәи аинтеграциа ахьадгылаз иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, ари ала ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа иаҳа иӷәӷәахоит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Арчил Ҭалакваӡе иажаа рыла, Азербаиџьан ихадароу аиԥыларақәа иалагоит.
„Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы инапхгарала Азербаиџьан авизит иалагеит. Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Азербаиџьан ахадеи, апарламент ахантәаҩи, аԥыза-министри дырԥылоит. Азербаиџьантәи аган Қырҭтәыла европатәи аинтеграциа ахьадгылаз иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, ари ала ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа иаҳа иӷәӷәахоит”, – иҳәеит Арчил Ҭалакваӡе.
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили дызхагылоу апарламенттә делегациа иалоуп авице-спикер Арчил Ҭалакваӡеи, афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Грета Цицавеи, апарламенттә аиҳара алахәылацәа: Савалан Мирзоеви, Заур Даргалии, афракциа «Иаку амилаҭтә ҵысра-Иеиду аоппозициа» алахәыла Рамаз Николаишвилии.