Арчил Ҭалакваӡе – Апартиақәа рзы ашәқәа аартны иаанҳажьуеит
Арчил Ҭалакваӡе – Апартиақәа рзы ашәқәа аартны иаанҳажьуеит

Европатәи ахеилак ахада ихаҭарнак Кристиан Даниельсон ибжьаҟазарала имҩаԥгаз еилацәажәарақәа дрыхцәажәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе.

«Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишели  ихаҭарнак ҷыда Кристиан Даниельсони иҭабуп ҳәа раҳҳәоит имҩаԥыргаз амедиациазы. Аоппозициа аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азыхиамызт, аха ари иахәамԥшыкәа, аӡбарҭатәи алхратәи реформақәа ирызку Даниельсон иқәиргылаз ажәалагала анагӡара ҳаазыхиоуп. Апартиақәа рзы ашәқәа аартны аанҳажьуеит,» – иҩит Арчил Ҭалакваӡе.