Арчил Ҭалакваӡе - Анапхгаратә гәыҧ раҳасаб ала, ҳара аполиткиатә проблема аҭыҧ иқәҵаны, ажәлар изыргәамҵуа азҵарақәа рыӡбара ҳҽазаҳкыр ҳҭахуп
«Қырҭтәыла европатәи аҩызцәа аполитикатә диалог аҿы рылахәызаара ҳақәшаҳаҭуп. Уи абзоурала, ииашоу аҭагылазаашьақәа рзы ҳаиқәшаҳаҭны, иаҳа аконструктивтә усеицура ашҟа ҳаиасып ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла Апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе Европатәи Ахеилак ахада ихатә хаҭарнак даниҧыла ашьҭахь.
Ҭалакваӡе иҳәамҭала, аполитика Апарламент ашҟа ирхынҳәтәуп.
«Аполитика апарламент ашҟа ирхынҳәтәуп. Аполитикатә проблемақәа ӡбашьак рыҭатәуп. Анапхгаратә гәыҧ раҳасаб ала, ҳара аполиткиатә проблема аҭыҧ иқәҵаны, ажәлар изыргәамҵуа азҵарақәа рыӡбара ҳҽазаҳкыр ҳҭахуп», — иҳәеит Арчил Ҭалакваӡе.