Арчил Ҭалакваӡе – Алхратә реформа Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара/ОДИР-и Венециатәи акомиссиеи аконструктивтә рекомендациақәа ҳарҭеит,
Алхратә реформа Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара/ОДИР-и Венециатәи акомиссиеи аконструктивтә рекомендациақәа ҳарҭеит, – иҳәеит апарламент авице-спикер Арчил Ҭалакваӡе.
Ҭалакваӡе иажәақәа рыла, «Ақырҭуа гәахәтәы» агәыԥ аҭакԥхықәра ду ала иазныҟәоит жәларбжьаратәи апартниорцәа рпозициа, арҭ алкаақәа ирыхәаԥшуеит азакаәанпроект адкылара апроцесс аҿы.
Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара/ОДИР-и Венециатәи акомиссиеи алхратә закәанеидкыла иалаларан иҟоу аԥсахрақәа рпроект иазкны аҳасабырба дырмазеит.
Апарламент аусуратә гәыԥ аԥшьгарала ицәыргаз алхратә закәанеидкыла иалаларан иҟоу апроект Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара/ОДИР ахь ишьҭын.
Адокумент аҿы ишану ала, аохратә системеи аполитикатә партиақәеи ирызку азакәанԥҵараҿ аԥсахрақәа иашьҭанеиуа хелементк ирышьашәалазароуп:
- Жәларбжьаратәи аҭакԥхықәрақәеи астандартқәеи рыла иаԥҵоу зегьы зымҽхазкуа азакәанԥҵара заанаҵтәи арекомендациақәа ирышьашәалазароуп;
- Азакәанԥҵара рыдыркылароуп зымҽхак ҭбаау аконсенсуси аинтерес змоу аганқәа зегьи рҽалархәрала;
- Азакәанԥҵара ишахәҭоу еиԥш нагӡахарц азы аполитикатә ҭакԥхықәра агара.