Арчил Ҭалакваӡе  -  "Амилаҭтә ҵысра" аполитхеилак акциақәа реизшареи ахәаахәҭреи иахьаҿу абиржа еиҧшхеит
Арчил Ҭалакваӡе  -  "Амилаҭтә ҵысра" аполитхеилак акциақәа реизшареи ахәаахәҭреи иахьаҿу абиржа еиҧшхеит

«”Амилаҭтә ҵысра” аполитхеилак акциақәа реизшареи ахәаахәҭреи иахьаҿу абиржа еиҧшхеит.  Ҧаса  95%  акциақәа Хабеишвили игәыҧ аархәеит, уажәазы дара рҟынтә арҭ акциақәа аархәеит Саакашвили игәыҧ, Мелиа игәыҧ иазаанхаз акциақәа маҷуп», — иҳәеит апарламент авице-спикер   Арчил Ҭалакваӡе  «Амилаҭтә ҵысра» аҩныҵҟа имҩаҧысуа апроцессқәа данрыхцәажәоз.

Ҭалакваӡе игәаанагарала,  2024 шықәсатәи алхрақәа раан  «Амилаҭтә ҵысра» ирыхәҭоу роуеит.

«Ари апартиа иадҳәаланы ҳуааҧсыра даҽак иазыҧшымызт, избанзар, дара атәыла аҧеиҧш иазхәыцша алидер дрымам, апрограмма рымам, дара  алхрақәа рзы аҽазыҟаҵаразы анҭыҵынтә, егьырҭ апартиақәа рҟынтә алидерцәа аарыҧхьеит.  Аха, уажәтәи рҭагылазаашьа злаҟо ала,  абжьааҧны ирыдгылоз ауааҧсырагьы уаҳа ирыдгылом.  Хабеишвили Мелиа дықәицеит, Хабеишвили ихаҭагьы дықәырцоит, анеҩс даҽаӡә дықәдыргылоит, аха, уигьы алхрақәа рҟнынӡа дықәҵуеит, избанзар    2024  шықәсатәи алхрақәа раан Амилаҭтә ҵысра аҵахаразы аӡәы аҭакҧхықәра игар акәхоит.  Дара еидызкылаша ауаҩы дрымазар рҭахым, апартиа алидер ҳәа ззырҳәаша ауаҩы дырҭахым.  Ари апартиа еснагь уаҩҧсык итәын,  уажәы иара абахҭа дҭакуп.  Убри аҟынтә, апартиаҿ апроблемақәа рҭыҧқәҵара ацынхәрас, дара апартиа арбгара иаҿуп. Иахьагьы, алхрақәа раҧхьагьы, иаҳҳәар ҳалшоит  уажәшьҭа апарламентаҿ «Амилаҭтә ҵысра» аоппозициатә партиа хада шакәым, дара хьӡык рымоуп, аха, апартиа аҩныҵҟа агәыҧқәа рацәоуп, дара-дара рыгәра ргом», — иҳәеит  Арчил Ҭалакваӡе.