Арбџьармчқәа рыҟәшақәа рҿы Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭеит
Арбџьармчқәа рыҟәшақәа рҿы Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭеит

Ажьырныҳәа 14 рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә бираҟ амш иазгәарҭоит. Ари амш инамаданы Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрреи Атәылахьчаратә мчқәа арратә базақәеи рҿы  абираҟ ашьҭыхра ацеремониа мҩаҧган.

Атәыла амилаҭтә символ патуқәҵара азаарҧшра амзызла арратә маҵзуҩцәа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә бираҟқәа шьҭырхит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.