Арарат Мирзоиан - Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи русеицура ахырхарҭақәа зегьы рыла ирласӡаны аҿиара иаҿуп
“Ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицура ахырхарҭақәа зегьы рыла ирласны аҿиара иаҿуп, аҳазалхратә усхкы аҿы ҳусеицура иаҳа иҭбаахеит, ҳара иҿыцу, акыр зҵазкуа алҵшәақәа раарԥшреи, иара убас, абизнеси ауааи реимадара арӷәӷәареи ҳалшоит”, – иҳәеит Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарат Мирзоиан Қырҭтәылатәи иколлега Илиа Дарчиашвили даниҧылоз.
Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы ишьақәдырӷәӷәеит дара-дара рҵакырадгьылтә акзазареи рсуверенитети шеизхаҵоу, ҳаҭыр шрықәырҵо.
“Ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аилибакаара иҟазароуп. Ҳҳәаақәа рделимитациа-демаркациа апроцесс ҭынч имҩаҧысроуп. Иара убас, иазгәасҭарц сҭахуп, иахьазы ирласӡаны аҿиара иаҿу агеополитикатәи арегионалтәи хҭысқәа рҿы, жәларбжьаратәи аплатформақәа рҿы аусеицура аҵакы ду амоуп. Иара убас, ҳара Аахыҵ Кавказ аҭагылазаашьеи араҟа имҩаԥысуа ахҭысқәеи шәамахьтәылеи Қырҭәтылеи иҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәеи рылацәажәаразы алшара, — иҳәеит Арарат Мирзоиан.
Иара убас, Мирзоиан иажәақәа рыла, Шәамахьтәыла Ҭырқәтәылаҟны аизыҟазаашьақәа инагӡаны рҭышәынтәалареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи иазыхиоуп.