«Арадио Қырҭтәыла»  100 шықәса ахыҵит
«Арадио Қырҭтәыла»  100 шықәса ахыҵит

«Арадио Қырҭтәыла»  100 шықәса ахыҵит. Шәышықәса раҧхьа,  Қырҭтәыла раҧхьатәи адырраҭара  аефирахь иҭыҵит.

«Иахьа Қырҭтәыла раҧхьатәи арадиодырраҭара аефирахь аҭыҵра инаркны  100 шықәса ҵит. Қырҭтәыла арадио Европаҿ раҧхьаӡатәи арадиодырраҭарақәа иреиуп. Ҳрадио ауникалтә архив  — „Ахьтәы фонд“ амоуп. Арҭ анҵамҭақәа аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Убри аҟынтә, ҳрадио шәышықәсатәи аиубилеи азгәанаҭоит ахҭыс ҷыдала  —  Қырҭтәыла арадио иматериалтәым акультуратә ҭынха астатус анашьоуп», — илҳәеит Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Қырҭтәыла арадио аефир ахь иҭыҵит 1925 шықәса лаҵара 23 рзы.

Аахыҵ Кавказ аҿы раԥхьаӡа Қырҭтәыла арадио аусура хацнаркит 100 шықәса раԥхьа.  Аефир ахь иҭыҵыз раԥхьаӡатәи ашәа нарыгӡеит Маро Ҭархнившили лгәыԥи. Ари ашәа “Урмули” акәын. 1935 шықәсазы арадио аефир аҿы раԥхьаӡа ираҳаит Акаки Ҵереҭели ибжьы. Қырҭтәыла арадио Қырҭтәыла мацара акәымкәа, Аахыҵ Кавказ иахьаҵанакуа раҧхьатәи  аелектронтә медиахархәагоуп.