Аԥсабара амилаҭтә агентра аинформациа ала, рашәара 6-7 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, џьара-џьара адыди-мацәыси акырцхи ҟалоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +22, +27 градус иаҟарахоит.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз, рашәара 8-9 рзы мраҭашәаратә Қырҭтәыла амш еилгоит, аҳауа аԥхарра +31, + 33 градус иаҟарахоит. Мрагыларатә Қырҭтәыла џьара-џьара ақәа леиуеит.
Қырҭ аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +26, +28 градус иаҟарахоит.