Ақырҭуааи аҧсуааи рылахәызаарала Сҭампыл имҩаҧган хабарда ибжьаӡыз ауаа рыҧшаара иазку акоординациатә механизм 15-тәи аилатәара  
Ақырҭуааи аҧсуааи рылахәызаарала Сҭампыл имҩаҧган хабарда ибжьаӡыз ауаа рыҧшаара иазку акоординациатә механизм 15-тәи аилатәара  

Лаҵара 29 рзы, ақырҭуааи аҧсуааи рылахәызаарала 1992-1993 шш. рзы Аԥсны хабарда ибжьаӡыз ауаа рыҧшаара иазку акоординациатә механизм 16-тәи аилатәара Сҭампыл мҩаԥган. Аиҧылара мҩаҧысуан Аџьар Ҟаҧшь жәларбжьаратәи акомитет (ICRC) ахантәаҩрала. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр иаппарат.

Аусбарҭа адыррала,  акоординациатә механизм аусура абзоурала,  иахьа уажәраанӡа  иҧшааны иҵхуп  526-ҩык рыҧсыбаҩқәа. Урҭ рҟынтә 285-ҩык изусҭцәадақәаз еилкаауп,  урҭ рыҧсыбаҩқәа рҭаацәарақәа ирыҭоуп. Иахьазы хабарда ибжьаӡит ҳәа иҧхьаӡоуп  1860-ҩык, урҭ рҭаацәарақәа аконкреттә аҭак аиура иахыццакуеит.