"Ақырҭуа марш" алахәылацәа ахада лрезиденциа аԥхьа акциа мҩаԥыргоит
“Ақырҭуа марш” алахәылацәа ахада лрезиденциа аԥхьа акциа мҩаԥыргоит. Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, Саломе Зурабишвили иҟалҵо аҳәамҭақәа ачарҳәаратә ҳәамҭақәоуп, Давид Гарџьи аус иадҳәаланы ауаа ирымоу азҵаарақәа рзы аҭак ҟалҵароуп.
“Ақырҭуа марш” алиедрцәа руаӡәы Сандро Брегваӡе ишииҳәаз ала, ахада дылԥыларц иҭахуп.
Акциаҿ аиҿагылара ҟалеит. Акциа алахәылацәа руаӡәы Гьаргь Габедава ахада ладминистрациа ахыбра агәашә аџьари аспԥаҭ аҿаҵареи игәы иҭан, аха азакәанхьчаҩцәа ари аҟаҵара зин рырымҭеит. Габедавеи акциа алахәылаҩыки ааныркылеит.