"Ақырҭуа легион" аинформациала, Донецк ахырхарҭала инагӡоз ажәылараан иҭахеит ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа
"Ақырҭуа легион" аинформациала, Донецк ахырхарҭала инагӡоз ажәылараан иҭахеит ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа

“Ақырҭуа легион” аинформациала, Донецк ахырхарҭала инагӡоз ажәылараан иҭахеит ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа – Рамаз Ԥетелавеи Беқа Ломиӡеи.

Ари аанацҳаит Украина иқәԥо “Ақырҭуа легион”.

“Ихәит жәҩык аибашьцәа, урҭ рҟынтә хҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп. Иҭахаз ҳарԥарцәа рҭаацәарақәа ҳрыдашшылоит. Нагӡара ақәзааит ҳфырхацәа рыхьӡқәа”, – иануп “Ақырҭуа легион”  аинформациа аҿы.