‘Ақырҭуа гәыхәтәы ’ Аҧыза-министр кандидатс Гьаргь Гахариа ихьыӡ рҳәит
‘Ақырҭуа гәыхәтәы ’ Аҧыза-министр кандидатс Гьаргь Гахариа ихьыӡ рҳәит

 

 

„Ақырҭуа гәыхәтәы ’ Аҧыза-министр кандидатс Гьаргь Гахариа ихьыӡ рҳәит. Ари азы аҳәамҭа  ‘Ақырҭуа агәыхәтәы’ аофис аҟны апартиа аполитикатә аилак, абыжьқәа реиҳарак ала  апариа ахантәаҩы Биӡина Иванишвили иалеиҳәеит.

 

Гьаргь Гахари ‘Ақырҭуа агәыхәтәы’ аҟнытә 2017 ш. абҵара 13 инаркны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистри, авице-аҧыза иҭыҧ ааникылон.

2016 ш. абҵара 27-2017ш. абҵара13 аамҭазы Гьаргь Гахариа қырҭтәыла Аекономике  ишьақәырҕәҕәоу аҿиареи рминистрс дыҟан.

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе иҭыҧ иацы иаанижьит, Иара иҳәамҭала уажәы азы имиссиа наигӡеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра арҿыцра аҟны апарламент адгылареи, аграгареи аҭахәуп. Аконституциала аиҳабыра рнапынҵақәа рааныжьра аамышьҭахь , Аҧыза-министр иҭыҧ ааныжьра аамышьҭахь ҩы’мчыбжьа рыҩнуҵҟа, агәрагара ирҭоит апарламент аҟны зегьы иреиҕьу апартиа аҟнытә иқәдыргыло акандидатуреи, иара иқәиргыло аиҳабыра ахаҭарнакцәеи.