«Ақырҭуа гәахәтәы» - Шарль Мишель еиқәиршәаз, ирҿыцу адокумент анапаҵаҩра ҳазхиоуп
«Ақырҭуа гәахәтәы» – Шарль Мишель еиқәиршәаз, ирҿыцу адокумент анапаҵаҩра ҳазхиоуп
«Ақырҭуа гәахәтәы» 43% арбага ала аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иазхиоуп, — иануп апартиа аҳәамҭаҿы.
«Шарль Мишель еиқәиршәаз, ирҿыцу адокумент анапаҵаҩра ҳазхиоуп. Алхрақәа раан 40 наӡынатә агәрагара аиура азҵааразы ҳареи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи ҳшеиқәшаҳаҭхазгьы, абри арбага Аконституциеи азакәани рҿы ишарбоугьы, егьырҭ анаӡынатә арбагақәа алогикатәи азинтәи ашьаҭа шрымамгьы, иахьа, аргама ааҳацҳаит ахаланапхгаратә оргнақәа рахь алхрақәа рҿы 43 наӡынанӡа абариер аизырҳара ҳақәшаҳаҭны, аиқәшаҳаҭра ҳнапы шаҵааҩуа», — иануп «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭаҿы.
Иацы Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель идокумент ҿыц аладырҵәеит. Қырҭтәыла аполитикатә кризис аҭыҧқәҵара иазку адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, сынтәа ҭагалан имҩаҧысуа ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» апропорциатә системала 43 наӡына рмоур, атәылаҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахоит.
Иара убас, Шарль Мишель идокумент инақәыршәаны, адокумент анапаҵаҩра ашьҭахь мчыбжьык аҩнуҵҟала аганқәа ҩ-уск ирыхәаҧшроуп.