"Ақырҭуа гәахәтәы" - Иахьа ақырҭцәа зегьы рылахь еиқәуп, иҟалаз акаамеҭра иазкны, жьҭаара 12 нӡа аполитикатә-алхратә усқәа зегьы аанкылоуп
Гәалсра ду ала ҳрыдашшылоит иҭахаз руацәеи рҭынхацәеи, Қырҭтәыла зегьи, – иануп апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
“Баҭым иҟалаз арыцҳара хагәқәа ԥнажәеит. Гәалсра ду ала ҳрыдашшылоит иҭахаз руацәеи рҭынхацәеи, Қырҭтәыла зегьи.
Иахьа ақырҭуа цыԥхьаӡа илахь еиқәуп, атрагедиа иахҟьаны, апартиа жьҭаара 12-нӡа алхратә-политикатә активрақәа зегьы аанкылахоит,” -иануп аҳәамҭа аҿы
Баҭым, Лаҵара 26 амҩаҿы, хәеихагылак змоу ахыбра хәҭак еилаҳаит. Иҭахеит ааҩык.
Ахәышәтәырҭаҿ дышьҭоуп 36 шықәса зхыҵуа ахаҵа, аҳақьымцәа ражәақәа рыла, апациент иҭагылазаашьа цәгьуп.
Аҩнуҵҟатәи усқәа рминистра Аҷара аполициа адепартамент аусуҩцәа Баҭым, Лаҵара 26 амҩаҿ акорпус аилаҳара афакт азы имҩаԥысуа аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны хҩык ааныркылеит.
Аԥыза-министр иӡбара инақәыршәаны, Қырҭтәыла жьҭаара 11 алахьеиқәҵаратә мшуп.