"Ақырҭуа гәахәтәы" ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе аҳәамҭа ҟаиҵеит
"Ақырҭуа гәахәтәы" ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе аҳәамҭа ҟаиҵеит

“Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, атәымтә партниорцәа реиҳараҩык атәылаҿ иҟоу ахҭысқәа ирыдҳәаланы аобиективтә зныҟәара рымоуп.

“Аҩызцәа рҟынтә гәаартылатәи акритикеи згәаҭарақәеи ҳзыҟарҵоит. Абри еиԥш акритика ҳара ҳзы ҵак ду амоуп, абри еиԥш акритика аҳаҭыр ақәаҳҵоит. Ҳара ҳпартниорцәа ираҳҭо адырра шьаҭас аҭаны ҳпартниорцәа, Қырҭтәыла аҩызцәа гәакьақә, раԥхьаӡатәи рпозициақәа изныкымкуа рыԥсаххьеит, абри ала иубарҭоуп урҭ гәаартылатәи ҳҩызцәа шракуу. Аха апозициақәа зымԥсахуа атәымтә политикцәагьы иҟоуп, урҭ Амилаҭтә ҵысра алобистцәа роуп, аха рхыԥхьаӡара рацәам.

Иракли Кобахиӡе иҳәамҭаҿ ишану ала, аиашара ахьыҟам, уа ҭынчрагьы иубарҭам – Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә процессқәа ари имариану шьақәдырӷәӷәоит.

“Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, Амилаҭтә ҵысра алибоистцәа ируаку Европарламент алахәылацәа руаӡәы, Михеил Саакашвили аполитбаандаҩы иоуп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит. Арҭ ауаа шьақәдырӷәӷәароуп, урҭ Саакашвили иакәымкәа, Қырҭтәыла аҩызцәа шракәу.

“Хыхь сзыхцәажәаз аспектқәа ирызԥхьагәаҭаны, зҵаара мариа иқәгылоуп  – абарҭ ауаа Қырҭтәыла иҳәынҭқарроуп, аҳәынҭқарраҿ азакәан ауп аиҳаӡара змоу ҳәа, иазхарҵароуп, ари аныҟарымҵа – урҭ акриминалцәа рыдгылаҩцәа роуп ҳәа шьақәҳарӷәӷәоит.

Ацәгьауцәа рганахьала аиашаӡбара анымҩаԥырмго, иахьа амч анапахьы аагара, ахынҳәра зҭаху акрминал иганахьала аиашаӡбара анымҩаԥырымго, Қырҭтәыла аполиаризациа ахаан ихыркәшом, “Ақырҭуа гәахәтәы” ари азин аӡәгьы аиҭом.

Наҟ-наҟ, атәымтә партниорцәа ршьаҿақәа ахәшьара анаҳҭо, ҳара ҳзы арҵага шәҟәхоит ари ашәҟәаҟны иаарԥшу апринцип хада – ақырҭуа ҳәынҭқареи акриминалцәа ирыдгыло, урҭ ирнаало аполитика мҩаԥызго ауааи аусеицура ирылшом,” – иазгәаҭоуп Иракли Кобахиӡе иҳәамҭа аҿы.