«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҳаракуп
«Ҳстратегиатә партниор — Америка, ҧасеиҧш уажәгьы Қырҭтәыла аҧеиҧш иаргәамҵуеит, ари афактгьы шьақәнарҕәҕәоит ҳаизыҟазаашьақәа рыҩаӡара шыҳараку. Уи даараӡа ибзиоуп, агәыҕра ду ҳнаҭоит», — иҳәеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азы апарламенттә комитет ахантәаҩы Михаил Сарџьвелаӡе Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови ҭелла реиҿцәажәара иадҳәаланы Америка аҳәынҭқарратә департамент иаланарҵәаз аҳәамҭа данахцәажәоз. Аҳәамҭа ишану ала, аиҿцәажәара аан Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Қырҭтәылеи Украинеи рҟны Урыстәыла арратә агрессиа дазааҭгылеит.