«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа маӡала иҟаҵаз аудионҵамҭақәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит
«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа иацы ателеканалқәа руакы ала иоурыжьҭыз, маӡала иҟаҵаз аудионҵамҭақәа ирыдҳәланы аҳәамҭа ҟарҵеит
Ишәыдаагалоит аҳәамҭа атекст:
«Иацы, апартиатә телеканалқәа руакы аҿы ажәлар ирбеит 2010-2011 шықәсқәа рзы закәандарала маӡала иҟаҵаз анҵамҭа ҧаршеи. Аларҵәара зауз анҵамҭаҿы еимырдеит мызқәак рыҩнуҵҟала иҟаҵаз жәабала анҵамҭақәа рҟынтә иаагаз афразақәеи ажәақәеи. Уи «Иаку амилаҭтә ҵысра» рхаан (Биӡина Иванишвили аполитика иҽалеигалаанӡа) Аконституциатә шәарҭадара адепартамент ала закәандарала иҟаҵаз анҵамҭақәа реиқәырҽаҽара ауп. Анҵамҭаҿы еицәажәон ҩыџьа хазхаҭалатәи ахаҿқәа: Агәыҳалалратә фонд ахада Иракли Ҕарибашвилии, егьи аган аҟынтә — зықәра наӡамыз Бера Иванишвилии. Аоппозициаа, акгьы иацәымҧхашьакәа, абри аҩыза анҵамҭа аладырҵәеит. Убри ала иаҳа рхы ҭадырхеит, избанзар ацивилизациатә дунеи аҿы асоветтә КГБ азы иҟазшьарбагаз абри аҩыза аметодқәа рхархәара ҟалом. Закәандарала ацәыҵаӡырҩра, анҵамҭақәа рыҵәахреи амонтаж рзуреи реиқәырҽаҽреи рхархәареи, амчылареи, ауаҩшьреи — абри зегьы «Амилаҭтә ҵысра» рзы иҟазшьарбагоуп. «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәеи алидерцәеи хаангьы абри аҩыза аметодқәа рхы иадмырхәацт.
Ишубарҭоу ала, зыӡбахәы ҳәоу анҵамҭа ҧаршеи кыраамҭа аҧхьа ирмазеины, рхы ианадырхәша иазыҧшын. Иацжәацы Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы европатәи Аиҿкаара анаҧшратә миссиа 2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа ирыдҳәаланы аҵыхәтәантәи иҵоуроу аихшьаала аладырҵәеит. Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель абжьацәажәаратә роль ихы адиҵеит, ҳәарада, абри афакт, адеескалациеи аконструктивтә режим аҿы аиҿцәажәарақәа рынагӡареи еиқәнаршәароуп. Абарҭ афакторқәеи аиҿцәажәарақәа раҧыхра аҽазкреи рымшала акәзар ҟалап анҵамҭа ҧаршеи аларҵәара зырыӡбаз. Арадикалтә оппозициа, абри анҵамҭа ҿыҵгас иҟаҵаны, аиҿцәажәарақәа раҧыхра рҽазыркит.
Ус ишыҟоугьы, «Ақырҭуа гәахәтәы» рхатә конструктивтә аҳәынҭқарратә позициа хаангьы мап ацәыркуам. Убри аҟынтә, ҳара адиалог анагӡара ҳазхиоуп, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәагьы абри ауп иҳабжьарго», — иануп аҳәамҭаҿы.