«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа аиҿцәажәарақәа қәҿиарала имҩаҧысып ҳәа игәыҕуеит
Аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылҵып ҳәа сгәыҕуеит, — иҳәеит апарламент аиҳара алахәыла Шьалуа Папуашвили анапхгаратә гәыҧи аоппозициеи реиҿцәажәарақәа данрылацәажәоз.
«Сара аоптимисттә гәалаҟазаара сымоуп. Арҭ амашқәа рзы Бриуссель сыҟан, Европарламентә аҿы аиаҧыларақәа мҩаҧаагеит, даргьы ргәаанагара еилаҳкааит. Аоппозициа апарламент иалалароуп, ҳара уи азы ҳаиқәшаҳаҭхароуп. Ҳпартниорцәагьы абри ауп ирҳәо, убри аҟынтә, ҳара адиалог анагӡара ҳақәшаҳаҭуп. Аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылҵып ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Папуашвили.