"Ақырҭуа гәахәтәы"   - Ахада илгәалаҳаршәар ҳҭахуп, аҳәынҭқарратә еилазаара аҵасқәа аконституциала иҳәаақәҵоуп, ахада лзы урҭ рыԥсахра зин аӡәгьы илиҭом
"Ақырҭуа гәахәтәы" - Ахада илгәалаҳаршәар ҳҭахуп, аҳәынҭқарратә еилазаара аҵасқәа аконституциала иҳәаақәҵоуп, ахада лзы урҭ рыԥсахра зин аӡәгьы илиҭом

Ахада, раԥхьаӡа иргыланы, Қырҭтәыла аконституциеи ахада иконституциатә ҭакԥхықәреи ахыдҵақәеи пату рықәылҵалоуп, – иануп апартиа  “Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла” аполитхеилак аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭа аӡы ишазгәаҭоу, аконституциа апатуқәҵара, уи ақәныҟәара аконституциатә органқәа зегьы иреҳаӡоу руалуп; ҷыдала, ари Қырҭтәыла ахада ҟалҵароуп, Аконституциа атекст инақәыршәаны, аконституциа ахьчара ахада иуалуп.

Қырҭтәыла аконституциала Адәныҟатәи аполитика аексклиузивтә зин амоуп Аиҳабыра, уи аҽалархәра зин ахада ҷыдалатәи аҭагылазаашьа мацараҿ илшоит, уигьы аиҳабары ҷыдалатәи ақәшаҳаҭрала мацара.

„Аконституциа алиагарала, Қырҭтәыла аиҳабыра ирмазҵаакуа, Қырҭтәыла ахада, иацы апарламенттәи ақәгылараан ишылҳәаз, жәларбжьаратәи авизитқәа мҩаԥылгеит. Ари акоуп иаанаго – ахада гәҭакыла аконституциа еилалгеит. Ҳара ари џьаргьы ҳамҳәаӡеит, ахаиацы ақәгылараан лара лхала уи аргамалтәит. Убри аҟынтә, уаҳа ԥсыхәа ҳамамкәа, иашьашәалоу ақәӡыҭра ҟаҳҵароуп,“ – иануп аҳәамҭа аҿы.

“Ақырҭуа гәахәтәы” дкылашьа змам ҳәа аԥхьаӡоит, Украина иадҳәаланы Қырҭтәыла анапхгара амоу апозициа иазкны ахада иҟалҵаз акритика.

„Иацы ахада апроцессқәа ирызкны зеилкаашьа мариам аҳәамҭақәак ҟалҵеит, урҭ иреиуоуп афраза “Анапхгара, аҭоурыхи агәадуреи иҳанаҳәо аарԥшра анрылымшо, агәнаҳа ҟанаҵоит” ҳәа. Абри еиԥ аҵәылаҵаратә ҳәатәыла илҳәаз ҳзеилымкааит. Ишәӷәалаҳаршәар ҳҭахуп, Украина асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылареи, Урыстәылатәи агрессиа аҿагылареи ирызкыз ҳнапхгара жәларбжьаратәи афорумқәа зегьы рҿы, аполитикатә аӡбарақәа рыдкылара раан, иӷәӷәоу адгыларатә позициа аанарԥшит. Ахада аканкциақәа рықәшаҳаҭымхара дахцәажәозар, лара арадикалтә оппозициаа ртактика дрықәшаҳаҭуп ҳәа ҳгәы иаанагоит,” – иануп аҳәамҭаҿ.

Анапхгараҭаратә партиаҿ ишырыԥхьаӡо, ахада аконституциа иаҿагылоу лхымҩаԥгашьеи лҳәамҭақәеи ашәарҭа ду аадырԥшуеит.