«Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак «Ақырҭуа гәахәтәы» ашьаҭаркра инаркны 10 шықәса аҵра инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит
«Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак «Ақырҭуа гәахәтәы» ашьаҭаркра инаркны 10 шықәса аҵра инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭа ишану ала, 10 шықәса рыла
«Ақырҭуа гәахәтәы» ароль ду нанагӡеит атәыла аҭоурых ҿыц аҿы.
«Ҳара ҳзы «Ақырҭуа гәахәтәы» 2 хықәкык аанарҧшуеит: актәи – иаку Қырҭтәыла, Аҧсни Цхивналтәи арегиони мацара ракәымкәа, аҧсуааиа уаҧсааи ҳашьцәагьы аҭынчмҩала зырхынҳәуа Қырҭтәыла. Уи ауаа абзиабара хьрыбжьоу Қырҭтәылоуп. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп иаку Қырҭтәыла иазку ҳгәахәтәы хымҧада ишынагӡахо.
Аҩбатәи – европатәи мышхәыбзазара змоу, аҕарра ахьыҟам, аҭаацәара цыҧхьаӡа ишақәнагоу еиҧш иахьынхо Қырҭтәылоуп.
Қырҭтәыла, хымҧада, иаку, аекономикатә ганахьала иҕәҕәоу, амилаҭтә традициақәеи ақьырсиантә принципқәеи рышьаҭала иҿиаауа европатәи ҳәынҭқаррас иҟалоит. Агәра ганы ҳаҟоуп иаку Қырҭтәыла ҕәҕәа иазку «Ақырҭуа гәахәтәы» хымҧада ишынагӡахо », — иануп «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак аҳәамҭаҿы.