"Ақырҭуа гәахәтәы" аполитхеилак америкатә конгрессменцәа аус здырулаз азакәанпроект иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
“Ақырҭуа гәахәтәы” аполитхеилак америкатә конгрессменцәа аус здырулаз азакәанпроект иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
“Аполитхеилак аҳәамҭа аҿы ишану ала, иацы аихқәа рҿы аларҵәара аиуит америкатә конгрессмен Џьо Уилсон аус здиулаз азакәанпроект иазку аинформациа. Азакәанпроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла аиҳабыра мраҭашәара иаҿагыло ариторика мап ацәыркыр, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала шьҭахьҟа ацара иаҟәыҵыр, убасҟан, Америка Қырҭтәылаҟны аиҿцәажәара иалагоит апреференциатә ахәаахәҭратә режим ашьақәыргылареи Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизатә режим алиберализациеи иазкны. Иара убас, азакәанпроект инақәыршәаны, Конгресс аофициалтә хаҿқәа ирыднаҵоит Қырҭтәылазы арратә цхыраара апакет еиқәдыршәарц, зыӡбахәы ҳәоу апакетла иазҧхьагәаҭахоит урыстәылатәи агрессиа аҟынтәи атәыла ахьчара иазку ахыхьчаратә аибыҭара аҭара. Америка анапхгара агәра ганы иҟазароуп Қырҭтәыла адемократиа арҕәҕәара аганахьала апрогресс ду шыҟоу, лымкаала, алхрақәа ииашаны, иаартны имҩаҧгазароуп, алхраҧхьатәи алагылазаара абаланс азузароуп, убасҟан мацароуп зыӡбахәы ҳәоу апрограмма анынагӡахо.
“Ақырҭуа гәахәтәы” аполитхеилак ишазгәанаҭо ала, ари азакәанпроект макьана шьақәырӷәӷәам, уи ирыдыркыло ирыдрымкыло еилкаам. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы абри еиԥш акымкәа апроект цәырган, аха урҭ амч рмоуит. Аха ари аԥшьгар иабзоураны, ақырҭуа радикалцәа аспекулиациақәа ралагаразы алшара рыҭан.
Ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа реиӷьтәра америкатәи аган ииашоу рхымҩаԥгашьа иадҳәалоуп. Ашьаҭа змам ақәырӷәыӷрақәеи ашантажи ракәым, ақырҭуа жәлар рпатуқәҵара ауп иаарԥштәу. Аха гәыԥҩык америкатә политикцәеи ачиновникцәеи агхақәа рыҟаҵара нарыгӡоит, Қырҭтәыла ашантаж бызшәала иацәажәоит.
Аизыҟазаашьақәа реиӷьтәра апартниорцәа рнапаҿы иҟоуп, атәыла хәыҷ аҳасабла Қырҭтәыла ганкла акгьы азаԥсахуам. ЕАШ рҿы арационалтә знеишьа аиааира агоит ҳәа ҳгәыӷуеит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.