«Ақырҭуа гәахәтәы» апартиа аизараду мҩаҧнагоит ҧхынҷкәын 30 рзы
«Ақырҭуа гәахәтәы» апартиа аизараду мҩаҧнагоит ҧхынҷкәын 30 рзы

«Ақырҭуа гәахәтәы» апартиа аизараду мҩаҧнагоит ҧхынҷкәын 30 рзы. Иахьатәи абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит апартиа ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе иҳәамҭала, аизараду аҿы иахәаҧшуеит азеиҧш политикатә темақәеи  2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара иазку азҵаарақәеи. Иара убас, аизараду аҿы апартиа аполитхеилак аилазаара дырҿыцуеит.

Аполитхеилак аӡбарала, аизараду аҿы ашьақәырҕәҕәаразы ицәырыргоит аполитхеилак абри аилазаара  — Иракли  Ҕарибашвили, Каха Калаӡе, Шьалуа  Папуашвили, Мамука Мдинараӡе, Дмитри Самхараӡе, Ҭеа Ҵулукиани, Вахтанг Гомелаури, Ҭорнике Рижваӡе, Гьаргь  Вольски, Арчил Ҭалакваӡе, Иракли Чиқовани, Анри Оханашвили, Николоз Самхараӡе, Мака Боҷоришвили,  Мариам Қвривишвили.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, аполитхеилак аилазаараҿы акрызҵазкәа аиҭакрақәа ҟалом.