„Ақырҭуа гәахәтәы“  аофис аҿы апарламенттә аиҳара реиҧылара мҩаҧысуеит 
„Ақырҭуа гәахәтәы“  аофис аҿы апарламенттә аиҳара реиҧылара мҩаҧысуеит 

Апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“  аофис аҿы апарламенттә аиҳара реиҧылара мҩаҧысуеит.

Заанаҵтәи аинформациа инақәыршәаны, аиҧылараҿы аиҳабыратә ҧсахрақәа ирылацәажәараны иҟоуп. Иара убас, уажәааны иаладырҵәаз аинформациа инақәыршәаны, иахьа Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Квирикашвили инапынҵақәа шьҭеиҵар ҟалап, усҟан, азакәан инақәыршәаны,  аиҳабыра егьырҭ алахәылацәагьы рзинмчы аанкылахоит.

Аиҳара ахаҭарнак Нукри Қанҭариа аиҧыларанӡа ишааицҳаз ала, „Ақырҭуа гәахәтәы“  аофис аҿы дыҟоуп апартиа ахантәаҩы Биаӡина Иванишвилигьы.