«Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы Иракли Кобахиӡе дызхагылоу анапхгаратә партиа аделегациа Китаитәи жәлартә республикаҿы рвизит инагӡоит
«Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы Иракли Кобахиӡе дызхагылоу анапхгаратә партиа аделегациа Китаитәи жәлартә республикаҿы рвизит инагӡоит.
Иахьа аделегациа алахәылацәа Китаитәи жәлар рхаҭарнакцәа реизара апрезидиум ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Сиао Цзе иҧылеит.
«Китаи ҳвизит инагӡоит. Иахьа Китаитәи жәлар рхаҭарнакцәа реизара апрезидиум ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ ҳаиҧылеит. Еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы Китаии Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәеит. Дара ҳтәыла адгылара азаадырҧшит, аусеицура арҭбаара ишазҿлымҳау азгәарҭеит. Раҧхьа иргыланы, аполитикатә усеицуроуп ихадоу. Китаи Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иадгылоит, ҳаргьы иаку Китаи апринцип ҳадгылоит. Арҭ аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара аҵакы ду амоуп. Абри ауп ҳвизит зызку», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.