"Ақырҭуа гәахәтәы" амониторингтә миссиақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит "Амилаҭтә ҵысра" алидер Гьаргь  Мумлаӡе иалаирҵәаз аинформациа ҧаршеи зыҧшра ҟамҵакәа иақәҿырҭырц
"Ақырҭуа гәахәтәы" амониторингтә миссиақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит "Амилаҭтә ҵысра" алидер Гьаргь  Мумлаӡе иалаирҵәаз аинформациа ҧаршеи зыҧшра ҟамҵакәа иақәҿырҭырц

««Амилаҭтә ҵысра» алидер Гьаргь Мумлаӡе иалаирҵәаз аинформациа ҧаршеи ақәҿыҭра аҳҭар ҳҭахуп.  Мумлаӡе Жәыргьыҭ ауаҩы асцена аимыхраан дкаҳаны дыҧсызшәа  иҳәеит, абри ирҧхьашьагоу агәымбылџьбаратә амцҳәара хықәкык ауп иамоу,  дара ари арыцҳара апартиа аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили идырҳәалар рҭахуп», — иануп «Ақырҭуа гәахәтәы» апресс-маҵзура иаланарҵәаз аинформациаҿы.

«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, роппонентцәа аметод ҟьашьқәа рыла ажәлар ржьар рҭахуп.

«Арадикалтә оппозициаа Жәыргьыҭ «Ақырҭуа гәахәтәы» қәҿиарала имҩаҧнагаз аиҧылара ргәы ҧнажәеит, убри аҟынтә,  абри аҩыза аметод ҟьшьқәа рыла ажәлар ржьар рҭахуп. Убри адагьы,  «Амилаҭтә ҵысра» алидер иалаирҵәаз имцырку аинформациа ала,  алхраҧхьатәи апроцесс иаҧырхагахар рҭахуп. Убри аҟынтә, ҳара  амониторингтә миссиақәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит “Амилаҭтә ҵысра” алидер Гьаргь  Мумлаӡе иалаирҵәаз аинформациа ҧаршеи зыҧшра ҟамҵакәа иақәҿырҭырц», — иануп аҳәамҭаҿы.