"Ақырҭуа гәахәтәы" - Алхрақәа, аибашьреи аҭынчреи, апропагандеи атрадициатә хәынаӡарақәеи ралхра ареферендум еиԥшхоит, убри аҟнытә алхра аҟаҵара имариахоит
2024 шықәсатәи алхрақәа ареферендум еиԥшхоит, ажәлар аибашьреи аҭынчреи, адоуҳатә деградациеи атрадициатә хәынаӡарақәеи, атәымтә мчқәа рнырреи исуверену аҳәынҭқарреи, аколлективтә “Амилаҭтә ҵысреи” “Ақырҭуа гәахәтәи” рыбжьара алырхроуп, – иануп апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитхеилак аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
“Ақырҭуа гәахәтәы” аҳәамҭаҿ ишану ала, “Ақырҭуа гәахәтәы” апарламенттә аиҳара аиур, аҿҳәара кьаҿтәи, ԥшьышықәсатәи хықәкы қәҿиарала нагӡахоит – Қырҭтәыла аҭынчреи, атрадициатә хәынаӡарақәеи, аҳәынҭқарратә асуверенитет аидеиеи аиааира ргоит.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны, Қырҭтәыла зхәы наӡаз алхрақәа мҩаԥгамызт
“2020-2021 шш. рзы аоппозициаа ралхыҩцәа аиааира ргазҭгьы, иахьа Қырҭтәыла Украина аҵкьыс еицәоу аҭагылазаашьаҿ иҟазаарын. Ҳтәыла абри еиԥш ашәарҭа аԥхьа уаҳа ахаан имгылазароуп. “Ақырҭуа гәахәтәы” адгылара ду аиур, Қырҭтәыла аӷацәа ҳтәылаҿ аибарххара, аилаҩынтәра, аарҳәра ирылшом, атәым агентцәа рнырра маҷхоит, аекономикатә қәҿиарақәа рацәахоит. Ҳтәыла ихадароу хықәкыс амоуп арҭ алхрақәа рҿы аҭынчра ахьчара, ари азы алхыҩ цыԥхьаӡа ибжьы аҵак ду, ихадароу ҵакы амоуп.
“Ақырҭуа гәахәтәы” абжьқәа рацәаны аиур, ЕАШ-и Евроеидгылеи рҟны еизыҟазаашьақәа иаҳа ирласны, иеффектны ԥсаххоит, жәларбжьаратә аренаж иаҳа иеффектны ихьчахоит Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа. Ари иазыԥхьагәаҭаны, атәыла апозициақәа арӷәӷәаразы абжьқәармобилизациа аҭахуп. Ҳтәылауаа зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит жьҭаара 26 рзы алхрақәа рахь иааины, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи алхны, ҳабиԥара ҿыцқәа зхы иақәиҭу, ихьыԥшым, иаку, иӷәӷәоу Қырҭтәыла рзааныжьырц”, – иануп аҳәамҭа аҿы.